Ҳашԥҳаи Џьапуаԥҳаи адемографиатә зҵаарақәа ирылацәажәеит
Аҵыхәтәантәи жәашықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны ахшара рира ҩынтә еиҵахеит, аиҳаракгьы ақыҭақәа рҿы ҳәа азгәарҭеит асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрраҿы. Убри аан, ахәыҷы ииразы ашәарақәа маҷ-маҷ ирыцлоит, аҳәынҭқарра адгылара рынаҭоит ахшара рацәа рааӡара иаҿу аҭаацәа. Иарбан цхыраароу ҳаамҭаз ахшара рацәа змоу аҭаацәарақәа рзы аҳәынҭқарра иаԥнаҵо, изеиԥшрозеи имҩаԥгаз адемографиатә ҭҵаарақәа рылкаақәа, насгьы ишԥарыдыркыло аҭаацәарацәа ауаажәларраҿы — арадио Sputnik аҟны иалацәажәеит адемограф Асҭанда Ҳашԥҳаи ԥшьҩык ахшара ран Арда Џьапуаԥҳаи. Еще больше новостей об Абхазии читайте на нашем сайте: https://sputnik-abkhazia.ru/ Подписывайтесь на нас в соцсетях, там всегда интересно: https://t.me/SputnikAbkhazia https://zen.yandex.ru/sputnik-abkhazia.ru https://vk.com/sputnikabkhazia https://ok.ru/sputnikabk