Арухааи Џьыкырԥҳаи азааҭгылеит Донецктәи ргастрольқәа шымҩаԥысыз атәы
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмызукатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә аоркестр Донецк имҩаԥнагаз агастрольқәа ртәы иазааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҿы аоркестр асахьаркыратә напхгаҩы Денис Арухааи аԥхьарцарҳәаҩы Радима Џьыкырԥҳаи. Ауаа ашәарҭара ишҭагылазгьы иааины аконцерт иахьахәаԥшыз ԥхарран ҳгәаҿы иаанхоит ҳәа иҳәеит Арухаа. Аԥхьарцарҳәаҩы Радима Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, аоркестр аҿы аԥсуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа зегь цәыргоуп — аԥхьарца, аҩымаа, ахымаа, абыкь, ачамгәыр уҳәа, аха ахәаԥшцәа азҿлымҳара ду рызцәырнагеит ахымаа абжьы, аиқәыршәашьа, ахархәашьа. Шәахәаԥш арадиостудиа аҟнытә анҵамҭа. Еще больше новостей об Абхазии читайте на нашем сайте: https://sputnik-abkhazia.ru/ Подписывайтесь на нас в соцсетях, там всегда интересно: https://t.me/SputnikAbkhazia https://zen.yandex.ru/sputnik-abkhazia.ru https://vk.com/sputnikabkhazia https://ok.ru/sputnikabk